CNN - Украинском Соледар аҿы игәымбылџьбароу ақәҧара мҩаҧысуеит
CNN - Украинском Соледар аҿы игәымбылџьбароу ақәҧара мҩаҧысуеит

Украинатәии урыстәылатәи аганқәа украинатәи ақалақь Соледар аҭагылазаашьа иазкны иаладырҵәо аинформациа еиҧшым.

Урыстәылатәи хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнер» ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин ишиҩыз ала,  урыстәылатәи арбџьармчқәа ари ақалақь аанкыланы, уаҟа иаанхаз украинатәи аруаа амацәаз иҭаркит.

Киев ишырҳәаз ала, Соледар ақалақьаҿ украинатәи аруаа рыхәҭак роуп амацәаз иҭаку. Аурысцәа ақалақь аладатәи ахәҭа ргеит, мрҭашәаратәи аҩадатәи ахәҭақәа рҿы украинаа рпозициақәа рыхьчоит. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ахада иофис абжьагаҩ Алексеи Арестович.

Арратә експертцәа ргәаанагарала, украинаа Соледар рцәыӡыр, ақалақь Бахмут ахьчара рцәыуадаҩхоит.