„CNN“ – Израиль Иран аҟынтә ажәылара иазыҧшуп, атәыла иҳаракӡоу ахиазаара арежимаҿ иҟоуп
Израиль Иран аҟынтә ажәылара иазыҧшуп, атәыла иҳаракӡоу ахиазаара арежимаҿ иҟоуп, – „CNN“ ари аинформациа аланарҵәеит анонимтә хыҵҵырҭа шьаҭас иҟаҵаны.
„CNN“ ишану ала, уажәазы, иаҭакны ааха аҟаҵара аамҭеи амҽхаки ашьақәыргыларазы, Иран иҟанаҵаз аҳәамҭа аҭҵаара иаҿуп.
„CNN“ анонимтә хыҵҵырҭантә иаиуз адырра инақәыршәаны, Иран Израиль иаҿагыланы, „ахадаратә ҵакы зауа, ахьаа ду рзаазгаша“ аҳаиртә жәылара амҩаҧгара агәы иҭоуп. Арҭ адыррақәа инрықәыршәаны, ари ажәылара Америка апрезиденттә алхрақәа раҧхьа имҩаҧыргар ҟалап.