CNN – Алхыҩцәа ргәаанагарала, адебатқәа раан Дональд Трамп иаҳа деиҕьын
CNN – Алхыҩцәа ргәаанагарала, адебатқәа раан Дональд Трамп иаҳа деиҕьын

CNN адыррала,  Баидени Дональд Трампи рдебатқәа ирыхәаҧшуаз алхыҩцәа реиҳара ргәаанагарала, адебатқәа раан  Дональд Трамп  иаҳа деиҕьын.

67% ареспондентцәа ргәаанагарала,   Трамп иаҳа еилыкка ипозициа ааирҧшит.

57%  алхыҩцәа ишырҳәаз ала, Баиден атәыла анапхгара илшап ҳәа агәра ргом,  44% ари аганахьала Трамп игәра ргом.  Аха, адебатқәа ирыхәаҧшуаз алхыҩцәа рҟынтә  36% Америка  анапхгара аҭара Трамп инапы ианырҵарц ихиоуп, ари аганахьала Баиден  14% мацара иоуит.

CNN аҭҵаарақәа мҩаҧысуан атексттә ашьҭымҭақәа рыла,  565 америкатә алхыҩцәа рыгәҭа.