Ҵыҧх ҧхынгәы азы ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Рамаз Хетерели уаҵәы доурышьҭуеит
Ҵыҧх ҧхынгәы азы ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Рамаз Хетерели уаҵәы доурышьҭуеит. Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарртә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе. Уажәазы де-факто арежим закәандарала иҭакны ирымоуп жәаҩык Қырҭтәыла атәылауаа.
Иахьа Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы рыман ампыҵахалатә цәаҳәаҿы закәандарала аанкылара ф-фактки закәандарала аҳәаа ахысра аа-фактки. Аҵыхәтәантәи мызкибжаки рыла иаанкылаз фҩык рҟынтә ҩыџьа Таџьикистан иатәылауаан, урҭ иоурыжьҭхьеит.
Аиҧылараҿы ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа азакәандаратә аҳәаатә хылаҧшра афактқәа ирыдҳәаланы апротест ҟарҵеит. Аганқәа рхаҭарнакцә агуманитартә зҵаарақәагьы ирылацәажәеит.