Чернигов администрациа анапхгаҩы  - Урыстәылатәи арбџьармчқәа ақалақь иалҵуеит
Чернигов администрациа анапхгаҩы  - Урыстәылатәи арбџьармчқәа ақалақь иалҵуеит

 

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Чернигов  иалҵуеит. Ари атәы ааицҳаит Черноговтәи араион администрациа анапхгаҩы Виачеслав Чаус.

«Ҳбџьармчқәа рыбзоурала, аҕа  Черниговшина далҵуеит, аха, уи ззыҟаиҵо иара заҵә иоуп издыруа. Уаҳа хаан дыхнымҳәып ҳәа сгәыҕуеит», – иҳәеит  Чаус.

Чаус аҭыҧантәи ауааҧсыра агәҽанҵара риҭеит авиациатәи аракетатәи аахақәа ҟалар шыҟало. Иара иажәақәа рыла, аҽырҭынчра заацәоуп, убри аҟынтә, ауааҧсыра дрыҳәеит  ашәарҭара адырра анроулак, аҽыҵәахырҭашҟа илбаарц.