CBS - Камала Харрис, апартиа аҟынтә кандидатс дҟаларцаз,  адемократ-делегатцәа рҟынтә иазхаша абыжьқәа лоуит
CBS - Камала Харрис, апартиа аҟынтә кандидатс дҟаларцаз,  адемократ-делегатцәа рҟынтә иазхаша абыжьқәа лоуит

Авице-ахада Камала Харрис апартиа аҟынтә атәыла ахада иҭыҧаз кандидатс дҟаларцаз,  адемократ-делегатцәа рҟынтә иазхаша абыжьқәа лоуит.

CBS News адыррала, Харрис лкандидатура иадгылеит  1976ҩык аделегатцәа.

Аделегатцәа   — Адемократиатә партиа амилаҭтә аизараду аҿы зхатә округ иахаҭарнакцәоу ауаа роуп. Абжьыҭира актәи атур нанҳәа 1-7 рзы имҩаҧысраны иҟоуп.

Камала Харрис  алхраҧхьатәи акампаниа раҧхьатәи амш азы  Уилмингтонҟа ддәықәлеит,  уаҟа алхраҧхьатәи акампаниа аусзуҩцәа дырҧылоит.