Буча ақалақь ахада Анатоли Федериук иҟаиҵаз аҳәамҭала, ақалақь аҿы аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит.
Ақалақь ахада ишааицҳаз, урҭ реиҳараҩык ахымцабџьарла иршьит.
“Иаха иҳамаз адыррақәа рыла, 320-ҩык аҭынч тәылауаа ԥшаауп. Уажәы аексперт-криминалистцәа аус руеит. Есымша амҩақәа, аҽыҵәахырҭақәа рҿы аԥсыбаҩқәа ҳаԥшаауеит, урҭ рҟынтә 90% аракетатә аахақәа акәым, ахымцабџьарла иршьит”, – иҳәеит Федериук.