Бриуссель аҿы ргәы шаанаго ала, Украина ахыхьчара ада, ажәылара зингьы амоуп
Бриуссель аҿы ргәы шаанаго ала, Украина ахыхьчара ада, ажәылара зингьы амоуп

Бриуссель аҿы ргәы шаанаго ала, Украина ахыхьчара ада, ажәылара зингьы амоуп, -ааицҳаит Еврокомиссиа апресспикер Петер Стано.

Стано иажәақәа рыла, Украина изакәаным агрессиа аҵаҟа иҟоуп, уи ахыхьчаратә аибашьра амҩаԥгара зин амоуп.

Петер Стано ишааицҳаз ала, Бриуссель Украина иазкны аофициалтә стратегиа амԥсахит.

Нанҳәа 6 инаркны Урыстәыла, Курсутәи аобласт аҟны аҭагылазаашьа цәгьахеит. Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, украинатәи аибашьцәа Урыстәыла аҵакырадгьыл иақәлеит.