Британиатәи аҧшыхәра  - Владимир Путин Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла адҵара иазкны цәыббра  30 рзы ааицҳар ҟалап
Британиатәи аҧшыхәра  - Владимир Путин Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла адҵара иазкны цәыббра  30 рзы ааицҳар ҟалап

Британиатә аҧшыхәра адыррала,  Владимир Путин Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла адҵара иазкны цәыббра  30 рзы ааицҳар ҟалап.

Цәыббра 30 рзы Урыстәыла ахада апарламент аҩ-палатак рҿы дықәгылоит.   Уажәазы Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла алалара азҵааразы  ареферендумқәа мҩаҧысуеит.

Урыстәылатәи аҭыжьымҭа  «Ведомости» ишану ала, Урыстәыла анапхгара Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рзы  «аокруг» ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп.

Украинеи уи мраҭашәаратә партниорцәеи зыӡбахәы ҳәоу ареферендумқәа азхарҵом.