Британиатәи апарламент атәылахьчаразы акомитет ахантәаҩы иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы украинатәи ар Донецктәии Лугансктәии араионқәа  рҿы ажәылара ҕәҕәа иалагар ҟалап
Британиатәи апарламент атәылахьчаразы акомитет ахантәаҩы иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы украинатәи ар Донецктәии Лугансктәии араионқәа  рҿы ажәылара ҕәҕәа иалагар ҟалап

Британиатәи апарламент атәылахьчаразы акомитет ахантәаҩы иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы украинатәи ар Донецктәии Лугансктәии араионқәа  рҿы ажәылара ҕәҕәа иалагар ҟалап.

«Иааиуа амшқәа рзы украинатәи ар Донецктәии Лугансктәии араионқәа  рҿы ажәылара ҕәҕәа иалагар ҟалап», — иҳәеит британиатәи апарламент атәылахьчара акомитет ахантәаҩы  Тобиас Еллвуд.

Иара иҳәамҭала, Украина ажәылара иалагар ари аибашьра ирласны ихыркәшахоит ҳәа згәы иаанаго ауаа ргәы рҽанызарц ирыбжьеигеит.

Тобиас Еллвуд иажәақәа рыла, украинатәи ар агәаҭаратә операциақәа мҩаҧнагоит.

«Аурысцәа ари ажәылара ахьыҟало рыздырӡом, аха, Вагнер игәыҧи урыстәылатәи арбџьармчқәеи рыбжьара аилаҩынтәра шыҟоу аабоит», — иҳәеит Британиа Ду атәылахьчара ҧасатәи аминистр.