Бритaниa идырым aхыҵхырҭaқәa рҟынтә иaaуa aурыс финaнсқәa aaнкылaхоит
Бритaниa aҿы идырым aхыҵхырҭaқәa рҟынтә иaaуa aурыс финaнсқәa aaнкылaхоит. Бритaниa aтәылaхьчaрa мaӡaныҟәгaҩ иҟaиҵaз aҳәaмҭaлa, иaшьaшәaлоу зaкәaн aмч aиухьеит.
Гевин Виллиaмсон ишaзгәеиҭaз aлa, иaшьҭaнеиуa aмчыбжьқәеи aмзқәеи рзы Бритaниa aри aпроблемa aҭыҧқәҵaрaзы иaлшо зегь ҟaнaҵоит.
Британиа Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоитб ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәаа ҳәамҭа ҟалҵеит.
Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа “персона нон грата” ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.