Британиа Ду иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара Қырҭтәыла атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит
Британиа Ду иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара Қырҭтәыла атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит.
«Иахьа, Британиа Ду Аԥыза-министр Борис Џьонсон ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акоронавирус аштамм ҿыц аларҵәара инамаданы, ажьырныҳәа 5 инаркны Британиа ашәарҭа ахәбатәи аҩаӡареи зегьеицырзеиԥшу акарантини аларгалоит.
Ауааԥсыра аҩны иҟазароуп. Мызказы знык абҩарҵәыра аҟаҵаразы адәылҵра ҟалоит, асасдкылара асектор аркуп, атәылауаа ирылшоит адистанциатә режим ала аусура, ахәаахәҭратә аобиектқәа зегьы аркуп, ашколқәеи аҵараиурҭақәеи адистанциатә режим ахь иасуеит.
Атәылаҿ ауааԥсыра акоронавирус азы алаҵақәа (Pfizer-и AstraZeneca-Oxford-и) рыҟаҵара нагӡоит,» – иануп ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.