Британиа ду атәылахьчара аминистр - Путин иҟаиҵаз зегьы иалҵшәаны НАТО алахәылацәа рхыҧхьаӡара ацлар ауеит, иара 2014-и 2008-и шықәсқәа рзы ииашамкәа ихы мҩаҧигеит
«Путин иҟаиҵаз зегьы иалҵшәаны НАТО алахәылацәа рхыҧхьаӡара ацлар ауеит, иара 2014-и 2008-и шықәсқәа рзы ииашамкәа ихы мҩаҧигеит», — иҳәеит Британиа Ду атәылахьчара аминистр Бен Уоллес визитла Румынтәыла даныҟаз.
Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи агрессиа иаҭакны, алеталтә цхыраара иаҳа ирацәахоит, НАТО аҳәаақәа рҿы амчқәа иаҳа ирацәахоит.
«Урыстәылатәи агрессиа иаҭакны, алеталтә цхыраара иаҳа ирацәахоит, НАТО аҳәаақәа рҿы амчқәа иаҳа ирацәахоит. Путин ихымҩаҧгашьа иалҵшәаны НАТО алахәылацәа рхыҧхьаӡара ацлар ауеит. Иара 2014-и 2008-и шықәсқәа рзы ииашамкәа ихы мҩаҧигеит. Иара ииҭаху алҵшәа иоуам. Украина ацхрааразы ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп дара ахыхьчаразы ирҭаху ацхырара шрымазаауа. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари аибашьраҿы Путин даҵахырц», — иҳәеит Бен Уоллес.