Британиа Ду аҧыза-министр  Лиз Трасс лнапынҵақәа шьҭалҵеит
Британиа Ду аҧыза-министр  Лиз Трасс лнапынҵақәа шьҭалҵеит

Британиа Ду аҧыза-министр  Лиз Трасс лнапынҵақәа шьҭалҵеит. Лара ари амаҵзураҭыҧ аанылкылон 44 мшы мацара. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

АИХ  ишырыҩуа ала, мчыбжьқәак ҵуеит  Британиа Ду аполитикатә кризис иҭагылоижьҭеи.

Аоппонентцәа  Лиз Трасс илхарарҵеит аекономикатә кризис  арҕәҕәара. АИХ адыррақәа рыла,  ашәахтәқәа рырмаҷра иадҳәаланы зымҩаҧгара лгәы иҭаз аиҭакрақәа британиатәи аекономикатә биржақәа рҿы ааилаҩеиласра рхылҵит, афунт стерлин ахә каҳаит.  АИХ адыррақәа рыла, абарҭ апроблемақәа рымшала, Трасс лыгхақәа азхалҵан,  апроблемақәа рыӡбара амзызла, афинансқәа рминистр длыҧсахит.