Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Израиль даҭааит
Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Израиль даҭааит

Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеимс Клеверли Израиль даҭааит.

Ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистр иахьа Израиль даҭааит  ҲАМАС атеррористтә ажәылақәа рышьҭахь Британиа Ду  Израиль ауааҧсыра ҕәҕәала ишрыдгыло ааирҧшырц азыҳәан», — иҳәеит Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак.

Reuters ишану ала, Британиа Ду,  мраҭашәаратә аидгылаҩцәа инарываргыланы,  Израиль ҕәҕәала иадгыланы,  ҲАМАС ала ажәыларақәа рымҩаҧгара иақәыӡбит.

Уаанӡа  BBC аанацҳаит  Израиль  17ҩык Британиа Ду атәылауаа ишҭахаз.