Британиа Ду аԥыза-министр Џьамтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Израиль иақәымларц
Британиа Ду аԥыза-министр Џьамтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Израиль иақәымларц

Британиа Ду аԥыза-министр Кир Стармер Џьамтәыла ахада Масуд Пезешкиан ҭелла диацәажәан,  Израиль иақәымларц диҳәеит, – аанацҳаит ВВС.

Аих аинформациа ала, Кир Стармер Масуд Пезешкиан иаиҳәеит аибашьра атәылақәа ринтересқә ирылам ҳәа.

Британиа Ду алидер Џьамтәыла ахада даниацәажәоз ишазгәеиҭаз ала, Ааигәа мрагылараҿ иҟоу аҭагылазашьа даргәамҵуеит, Стармер аганқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит арегионтә аибарххараҟамларц азы,  аҭагылазаашьаа адеескалациа иалагарц.