Британиа аиҳабыра ателееилахәырақәа «Имеди»-и «ПостТВ»-и асанкциақәа рзышьақәдыргылеит
Британиа аиҳабыра ателееилахәырақәа «Имеди»-и «ПостТВ»-и асанкциақәа рзышьақәдыргылеит.
Аинформациа ишану ала, «Британиа Ду аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгыҩ абас игәы иаанагоит: „ПостТВ“-и „Имеди“-и Урыстәыла ала Украина ажәылара иазку имцырку аинформациа аладырҵәоит. Абри аҩыза ахымҩаҧгашьа Укрианаҿ аилаҩынтәра анагӡара иацхраауеит, ари атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иаҧырхагоуп. Лымкаала, дара Украина аиҳабыреи ахада Зеленскии закәандарала анапхгараҿы иҟоушәа, Украина Мраҭашәара адҵақәа нанагӡоушәа, ари атәылаҿы акоррупциа иҟоушәа, Украинеи Мраҭашәареи Қырҭтәыла аҩныҵҟа аилаҩынтәра иазҿлымҳаушәа агәаанагара аладырҵәоит».
Асанкциақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп активқәа рырҵаареи адиректор идисквалификациеи.