Британиа аԥшыхәра - Урыстәыла Лиман ақалақь ахәҭа ду ааннакылеит, ари Дрнбас аганахьала ажәылара аҩбатәи аетап заанаҵтәи аоперациоуп
Британиа аԥшыхәра - Урыстәыла Лиман ақалақь ахәҭа ду ааннакылеит, ари Дрнбас аганахьала ажәылара аҩбатәи аетап заанаҵтәи аоперациоуп

Британиа аԥшыхәра аинформациа ала, иашьҭанеиуа амшқәа рзы урыстәылатәи арратә мчқәа, Донецктәи арегион агәҭаны иҟоу Славианскии Краматорски ақалақьқәа ралаларазы, аӡиас Северски Донец ахысра иалагоит. Ари атәы аарыцхаит Брианиа Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

“Лаҵара 27 рзы, Урыстәыла Лиман ақалақь ахәҭа ду ааннакылеит, ари Дрнбас аганахьала ажәылара аҩбатәи аетап заанаҵтәи аоперациоуп. Лиман астратегиатә ҵакы амоуп, уа аихамҩатә аилысырҭа иҟоуп, уантә аӡиас Северски Донец иаваршәаны  иҟоу амҩатәи аихамҩатәи ацҳақәа рнапаҿы аагара ҟалоит”, – иануп аҳасабырба аҿы.