Борџьоми абылра арцәаратә усурақәа  ирылахәхәоит аҵакырадгьылтә арезервтә ротагьы
Борџьоми абылра арцәаратә усурақәа  ирылахәхәоит аҵакырадгьылтә арезервтә ротагьы

Борџьоми абылра арцәаратә усурақәа  ирылахәхәоит  Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа 102-тәи абаталион аҵакырадгьылтә арезервтә ротагьы. Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррала, аревервистцәа  Борџьомтәи амуниципалитет аҿы абылра арцәаратә усурақәа рҿы ацхыраагӡатә функциа нарыгӡоит.

«102-тәи абаталион арезервистцәа,  НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аҷыда ҭагылазаашьақәа рықәҿыҭразы  аҽазыҟаҵара ҷыда иахысит», — иануп аминистрра аинформациаҿы.