Борис Писториус – Германтәыла Украинаҟа арбџьарчқәа рдәықәҵара агәы иҭам, аха,  2029 шықәса анҵәамҭанӡа атәыла аибашьразы аҽазыҟанаҵароуп
Борис Писториус – Германтәыла Украинаҟа арбџьарчқәа рдәықәҵара агәы иҭам, аха,  2029 шықәса анҵәамҭанӡа атәыла аибашьразы аҽазыҟанаҵароуп

Германтәыла Украинаҟа арбџьарчқәа рдәықәҵара агәы иҭам, аха,  2029 шықәса анҵәамҭанӡа атәыла аибашьразы аҽазыҟанаҵароуп, – иҳәеит Германтәыла атәылахьчара аминистр  Борис Писториус.

«Ҳара аанкыларатә фактор аҳасабала ҳхы мҩаҧаагароуп, иаҳа еицәоу ҟамларцаз. Аҭагылазаашьа ҷыда аан ҳтәыла зыхьчаша иҕәҕәоу ахацәеи аҳәсеи ҳҭахуп», — иҳәеит аминистр.

Писториус игәаанагарала, арратә маҵзура аформа ҿыц иаҧҵатәуп.

2011 шықәсазы Германтәыла аиҳабыра аррахь ааҧхьара ааныркылеит. Анемец АИХқәа рдыррақәа рыла,  хара имгакәа Борис Писториус арратә маҵзурахьы ааҧхьара аиҭалагара иазку ажәалагала цәыригар ҟалап.