Борис Џьонсон  - Ҳара, коллективла, урыстәылатәи агази анефҭи рхьыҧшызаара аҵыхәа ҧаҳҵәароуп, абарҭ аресурсқәа роуп Путин ихатә политика амҩаҧгара илзыршо  
Борис Џьонсон  - Ҳара, коллективла, урыстәылатәи агази анефҭи рхьыҧшызаара аҵыхәа ҧаҳҵәароуп, абарҭ аресурсқәа роуп Путин ихатә политика амҩаҧгара илзыршо  

Ҳара Урыстәыла аекономика ааха ду азаазго, зымҽхак дуу апакет азы, аекономикатә санкциақәа рзы ҳаиқәшааҳаҭхоит, — иҳәеит Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон.

«Ҳара, коллективла, урыстәылатәи агази анефҭи рхьыҧшызаара аҵыхәа ҧаҳҵәароуп, абарҭ аресурсқәа роуп Путин ихатә политика амҩаҧгара илзыршо.   Путин иҽазышәарақәа маншәалахар ҟалом.  Аурыс жәлар рахь ааҧхьара ҟасҵоит. Аурыс солдаҭцәеи аукраинааи рахь ааҧхьаара ҟасҵоит, ҳара ҳшәыдгылоуп», — иҳәеит Борис Џьонсон.

Иара иажәақәа рыла, аидгылаҩцәа зегьы Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи аиҭашьақәыргыларазы аус еицыруеит.