Бонни Џьенкинс  - Лугар ицентр абзоурала, Қырҭтәыла,  Covid-19 атестирра аганахьала, арегионаҿ аҧхьагылара амоуп
Бонни Џьенкинс  - Лугар ицентр абзоурала, Қырҭтәыла,  Covid-19 атестирра аганахьала, арегионаҿ аҧхьагылара амоуп

«Лугар ицентр аусзуҩцәа рпрофессионализм азгәасҭар сҭахуп, дара алабҿабарашҟа ашәқәа ҳзаадыртит» ,  — илҳәеит жәларбжьаратәи ашәарҭадареи  бџьарла аибыҭара ахылаҧшреи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Бонни  Џьенкинс Лугар ицентр анылба ашьҭахь.

Лара лажәақәа рыла, Лугар ицентр Қырҭтәыла   Covid-19 аҿагылара апроцесс аҿы зҵакы дуу ароль нанагӡеит.

«Иахьа Лугар ицентр аҟынтә сколлегацәа сырҧылеит. Ари ацентр машкала акәӡам ишдыргылаз.  Кыршәықәса рыҩныҵҟа аинвестициа дуқәа аларҵон. Лугар ицентр Қырҭтәыла   Covid-19 аҿагылара апроцесс аҿы зҵакы дуу ароль нанагӡеит. Лугар ицентр аусзуҩцәа рпрофессионализм азгәасҭар сҭахуп, дара алабҿабарашҟа ашәқәа ҳзаадыртит. Иаҳҳәап, Қырҭтәыла адунеиаҿ аҧхьагылара амоуп С агепатит ахәшәтәра аганахьала, Лугар ицентр абзоурала,  Covid-19 аҿагылара апроцесс аҿгьы арегионалтә лидеруп», — илҳәеит Бонни Џьенкинс.