Америка Аҳәынҭқарра Ахада Дональд Трамп Украина аибашьра аганахьала имаз азнеишьа иԥсахит. Агентра Блумберг абри атәы иаҩуеит
Блумберг ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, уажәы Трамп игәыԥи G7 анапхгаҩцәеи рыбжьара зеиԥш консенсус ыҟоуп, Урыстәыла аибашьратә ҭыԥ аҿы аиааира агара уаҳа алшара амаӡам ҳәа.
“Ари Трамп уаанӡатәи ипозициа аҟынтәи ӷәӷәала аԥсахра ауп: 2025 шықәса агәазы Владимир Путини иареи реиԥылара ашьҭахь, уи игәра ганы дыҟан Украина “еилацәажәаратә чипқәа амам” ҳәа, насгьы атерриториалтә концессиақәа ҟанаҵароуп ҳәа. аноним.
Астатиа излаанацҳауа ала, арҭ аԥсахрақәа ҷыдала иубарҭан Франциа ақалақь Евиан имҩаԥысыз асаммит аҿы, уаҟа Франциа апрезидент Еммануел Макрон Дональд Трампи Владимир Зеленскии реиԥылара еиҿикааит. Аицәажәараан Зеленски Трамп диирбеит Урыстәылатәи ақәылара иахҟьаны иԥхасҭахаз Киевтәи акатедраль афотосахьақәа. Акьыԥхьра излаанацҳауа ала, уи Америка Аҳәынҭқарра Апрезидент даара анырра инаҭеит.
«Урыстәыла аиқәшаҳаҭра абжьанаҵароуп», – ҳәа Трамп Катар аемири иареи реиԥылараан иҳәеит.
Блумберг излаанацҳауа ала, Трамп уажәшьҭа игәалаиршәомызт уаанӡа Зеленски акапитуляциеи аконцессиеи рзы иҟаиҵаз ааԥхьарақәа. Уи адагьы, аусбарҭа иазгәанаҭоит, Арабтә Емиратқәа рхада диацәажәо, Америка Аҳәынҭқарра Ахада Москва аганахьала асанкциақәа рырӷәӷәара дшазхиоу азгәеиҭеит, ҷыдала Ирани иареи рыбжьара аибашьра анҵәамҭазы.
«Ҳара уи ҳалшоит, избан акәзар, ҳазҭоу аамҭазы анефт анагара мҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит Америка Аҳәынҭқарра Ахада.
Блумберг ишаҳәо ала, Британиа аԥыза-министр Кеир Стармер Times Radio ириҭаз аинтервью аҿы иҳәеит, ариторика аԥсахра зыхҟьо Урыстәылатәи аекономика аҭагылазаашьа ахьеицәахо ауп ҳәа.
“Урыстәылатәи аекономика ӷәӷәала ааха аиуит, уи Москва зынӡа даҽа ҭагылазаашьак ацәырнагеит”, – ҳәа иҳәеит Стармер.