Биниамин Нетаниаҳуи аоппозициа алидер Бени Ганци аҷыдалкаатә еиҳабыра ашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит
Биниамин Нетаниаҳуи аоппозициа алидер Бени Ганци аҷыдалкаатә еиҳабыра ашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит

Израиль аҧыза-министр Биниамин Нетаниаҳуи аоппозициа алидер Бени Ганци аҷыдалкаатә еиҳабыра ашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Иара убас, «Арратә кабинетгьы» еиҿыркаауеит, уи иалахәызаауеит Нетаниаҳуи, Ганци, Израиль  атәылахьчара аминистри.

Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аибашьраан атәылаҿ  аибашьра иадҳәалам изакәызаалак азакәанпроектқәеи аӡбарақәеи  рыдыркылом.

Жьҭаара 7 рзы ашамҭаз Ҕаза асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала аракетақәа дәықәҵан.

Ажәыларазы аҭакҧхықәра агеит агәыҧ ҲАМАС.

Израиль арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп.