Биниамин  Нетаниаҳу  – Жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәареи аибашьра ахә дуи иахьыҧшымкәа, ҳара аиааира ҳгаанӡа аибашьра наҳагӡоит  
Биниамин  Нетаниаҳу  – Жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәареи аибашьра ахә дуи иахьыҧшымкәа, ҳара аиааира ҳгаанӡа аибашьра наҳагӡоит  

 

Ҳара ҳаҟазаара ҳазықәҧоит, — иҳәеит Израиль аҧыза-министр  Биниамин  Нетаниаҳу.

«Жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәареи, ҳаҷкәынцәеи ҳаӡҕабцәеи  рыҧсҭазаарала ари аибшьаразы иаҳшәо ахә дуи иахьыҧшымкәа, аиааира ҳгаанӡа  аибашьра наҳагӡоит», — иҳәеит  Нетаниаҳу.

Иара убас, Израиль аҧыза-министр ишиҳәаз ала, израильтәи атҟәацәа рхақәиҭтәразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит. Иара ишазгәеиҭаз ала,  атҟәацәа рхақәиҭтәреи ари аибашьраҿы аиааиреи азыҳәан, Израиль, хымҧада Ҕаза асектораҿ амч ахы анархәар акәын.

«ҲАМАС ақәхра ашьҭахь, Ҕаза асектор адемилитаризациа мҩаҧаагоит, ари асектор  израильтәи ашәарҭадаратә маҵзура ахылаҧшра аҵаҟа иҟазаауеит, уаҳа аӡәгьы ашәарҭара ҳҭаиргылом», — иҳәеит  Нетаниаҳу.