Биниамин Нетаниаҳу – Атҟәацәа рхақәиҭтәразы мапкра ала, ҲАМАС аинышәара аҭагылазаашьақәа еиланагеит  
Биниамин Нетаниаҳу – Атҟәацәа рхақәиҭтәразы мапкра ала, ҲАМАС аинышәара аҭагылазаашьақәа еиланагеит  

Израиль аҧыза-министр  Биниамин Нетаниаҳу иҳәамҭала, ҲАМАС атҟәацәа роужьҭразы мапкра ала, аинышәара аҭагылазаашьақәа еиланагеит.

ВВС адыррала, Нетаниаҳу иадминистрациа ишаарыцҳаз ала, аиқәшаҳаҭра шыҟазгьы, ҲАМАС аибашьцәа аҳәса-атҟәацәа иоурмыжьҭит, насгьы, иахьа шьыжьымҭан аракетақәа рыла Израиль иажәылеит.

Иара убас, аҧыза-министр иадминистрациаҿы ишырҳәаз ала,  Израиль, ҧасатәи ахықәкқәа ирызгәыкуп, – атҟәацәа рхақәиҭтәреи, ҲАМАС анырҵәареи, «уажәшьҭарнахыс Ҕаза асектор Израиль ауааҧсыра рзы ишәарҭамхарц аҟаҵареи» нарыгӡоит.