Биӡина Иванишвили – Аполитикатә усзура саҟәыҵуеит, анапхгараҭара мап ацәыскуеит, амиссиа насыгӡеит ҳәа сгәы иаанагоит
Аполитикатә усзура саҟәыҵуеит, анапхгараҭара мап ацәыскуеит. Апартиа ахантәаҩы иҭыԥи апартиеи аансыжьуеит, 2011 шықәсанӡа исымаз аԥсҭазаашьа сазыхынҳәеит, – иануп апартиа «Ақыртуа гәыхәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла» ахантәаҩы Биӡина Иванишвили алаирҵәаз ашәҟәы аҟны.
Биӡина Иванишвили ишазгәеиҭаз ала, анапхгаратә гәыԥ аҿы иахьа иҟоу аполитикатә хаҭарнакцәа зегьы альтернатива рымам.
«Анапхгаратә гәыԥ аҿы иахьа иҟоу аполитикатә хаҭарнакцәа зегьы альтернатива рымам. Агәыԥ алахәылацәа сара савторитети сусзуреи зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны рыԥсахырц ирылшоит,» – иазгәеиҭеит Иванишвили.
Биӡина Иванишвили иажәақәа рыла, «Ақыҭуа гәахәтәы» алхрақәа рҿы аиуз аиааира аобиективтә анализ ашьҭахь иубарҭоуп уи алогикатә лҵшәала ишхыркәшаз.
«Убри аҟынтә смиссиа насыгӡеит ҳәа сгәы иаанагоит. Анапхгаратә гәыԥ аҿы иахьа иҟоу аполитикатә хаҭарнакцәа зегьы альтернатива рымам. Агәыԥ алахәылацәа сара савторитети сусзуреи зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны рыԥсахырц ирылшоит. Аполитикатә усзура саҟәыҵуеит, анапхгараҭара мап ацәыскуеит. Апартиа ахантәаҩы иҭыԥи апартиеи аансыжьуеит, 2011 шықәсанӡа исымаз аԥсҭазаашьа сазыхынҳәеит.
Хара имгакуа 65 шықәса схыҵуеит, аполитикатә ԥсҭазаара аҟәыҵразы хадара ду змоу факторуп, ақәыԥшцәа амҩа раҳҭароуп. Агәыԥ иаҳа иӷәӷәахоит ҳәа сгәы иаанагоит,” – иануп Иванишвили алаирҵәаз ашәҟәы аҟны.