Гиа Вольски - Қырҭтәыла анапхгареи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа иаҳа иҳараку аҩаӡарахь ииасуеит
Биӡина Иванишвили ишазгәеиҭаз ала, иара изы Қырҭтәыла аинтересқәа раҵкьыс ихадоу акгьы шыҟам, иԥара иадҳәаланы иҟаиҵаз аҳәамҭа даҽа интерпретациак узаҭом, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи вице-спикер Гиа Вольски.
Вольски иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгареи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа иаҳа иҳараку аҩаӡарахь ииасуеит.
„Биӡина Иванишвили ишазгәеиҭаз ала, иара изы Қырҭтәыла аинтересқәа раҵкьыс ихадоу акгьы шыҟам, иԥара иадҳәаланы иҟаиҵаз аҳәамҭа даҽа интерпретациак узаҭом. Биӡина Иванишвили иажәақәа даҽакала еилыркааит, даҽа шьаҭа арҭеит. Қырҭтәыла анапхгареи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа иаҳа иҳараку аҩаӡарахь ииасуеит“, – иҳәеит Вольски.