Бердиа Сиҷинава  -  72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз ПЦР тест аҳәааҿы ицәырызго Қырҭтәыла атәылауаа, 8мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит
Бердиа Сиҷинава  -  72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз ПЦР тест аҳәааҿы ицәырызго Қырҭтәыла атәылауаа, 8мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит

 

72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз ПЦР тест аҳәааҿы ицәырызго Қырҭтәыла атәылауаа, 8мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит, — аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

«72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз ПЦР тест аҳәааҿы ицәырызго Қырҭтәыла атәылауаа, 8мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит, абри аҩыза атест змам ауааҧсыра 12мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит. Аҽыҧхьакра алшара змам ауааҧсыра ииаргоит иашьашәалоу асасааирҭақәа рышҟа», — иҳәеит Бердиа Сиҷинава.