Бениамин Нетаниаҳу - Ахықәкқәа зегьы нагӡахаанӡа аибашьра иаҟәыҵыр ҟалом, аҕацәагьы аҩызцәагьы абри ауп ираҳҳәо
Ахықәкқәа зегьы нагӡахаанӡа аибашьра иаҟәыҵыр ҟалом, аҕацәагьы аҩызцәагьы абри ауп ираҳҳәо, – иҳәеит Израиль аҧыза-министр Бениамин Нетаниаҳу атәыла аиҳабыра реилатәараҿы.
Израиль аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аибашьра хықәкыс иамоуп: „ҲАМАС“ ақәхреи, атәҟацәа рырхынҳәреи, Ҕаза аган аҟынтә Израиль ахырхарҭала ашәарҭарақәа раҧыхреи.
„Ҳара уи азыҳәан аҭак ҳаҧхықәуп, ҳара уи иаҳуалуп. Сара „Ҳезбола“ иабжьазгоит аҵыхәтәантәи амзақәа рзы „ҲАМАС“ аибашьцәа ирҵаз даргьы ирҵарц: дарбанзаалак террористк аиммунитет имам. Ҳара ҳтәылауаа рыхьчара иӡбаны иҳамоуп, атҟәацәа рыҩныҟақәа рахь иҳархынҳәроуп. Уи амилаҭтә хықәкуп, уи анагӡара азҵаара ҭакҧхықәрала ҳазнеиуеит. Иауазар, ари ахықәкы адипломатиатә мҩала инаҳагӡоит, иамуазар, ҽакала ҳхы мҩаҧаагоит“, – иҳәеит Бениамин Нетаниаҳу.