Бениамин Неҭаниаҳу - Синвар дыршьит, уаҳа "Ҳамас" Газа анапаҿы иҟазаауам, ари "Ҳамас" ахыркәшароуп
Бениамин Неҭаниаҳу - Синвар дыршьит, уаҳа "Ҳамас" Газа анапаҿы иҟазаауам, ари "Ҳамас" ахыркәшароуп

Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниаҳу иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Ҳамас” ахада ишьра ари агәыԥ ақәхра ауп иаанаго.

«Ҳаруаа Синвар дыршьит, уаҳа “Ҳамас” Газа анапаҿы иҟазаауам, ари “Ҳамас” ахыркәшароуп», ​​- иҳәеит Нетаниаҳу.

Израиль аԥыза-министр абаандаҩцәа рыуацәа рахь ихы рханы, атҟәацәа рыҩнқәа рахь ирхынҳәаанӡа аибашьра шымҩаԥысуа агәра диргеит.

Синвар ҳаруаа данрыцәцоз дҭахеит. «Сара Ҳамас атеррористцәа рахь схы рханы сыҟоуп: шәнапхгаҩцәа рыбналара иаҿуп, ҳара урҭ ықәаҳгоит», – иҳәеит Израиль аминистр хада.

Израильтәи аруаа арратә гәыԥ” Ҳамас” аиҳабы Иаҳиа Синвар дыршьит. Израильтәи аполициа излаанацҳауа ала, аԥсыбаҩ аҭҵаара азымҩаԥган, Синвар аидентификациа изуун инацәкьарақәа рышьҭақәа рыла.