Бениамин Неҭаниаҳу иҟаиҵаз аҳәамҭала, атҟәацәа рхақәиҭтәра иазку аиқәшаҳаҭра макьана ибжьаӡам
Бениамин Неҭаниаҳу иҟаиҵаз аҳәамҭала, атҟәацәа рхақәиҭтәра иазку аиқәшаҳаҭра макьана ибжьаӡам

Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҳамас, жьҭаара 7 рзы итҟәаны иргаз ауааԥсыра рхақәиҭтәра иазку аиқәшаҳаҭра макьана ибжьаӡам.

Неҭаниаҳу иажәақәа рыла, 50-ҩык атҟәацәа рхақәиҭтәра иазку адыррақәа имцуп.

Израиль аԥыза-министр ишааицҳаз, амчыбжь анҵәамҭазы итҟәаны иҟоу ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа Израиль арратә кабинет реиԥыларахь дааиԥхьеит.