Белгородтәи аобласт Красноиаружтәи араион аҟны аевакуациа иалагеит
Белгородтәи аобласт Красноиаружтәи араион аҟны аевакуациа иалагеит

Белгородтәи аобласт Красноиаружтәи араион аҟны аевакуациа иалагеит. Аихқәа рдыррақәа рыла, ари ааицҳаит аобласт агубернатор Виачеслав Гладков.

Гладков иажәақәа рыоа, аевакуациа  Украина абџьармчқәа Красноиаруж аганахьала рактивра иахҟьоуп.

“Аӷа Красноиаруж аҳәаа аганахьала активра аанарԥшит. Сгәы шаанаго ала, ҳаруаа ашәарҭа аҿагыларазы ирылшо зегь ҟарҵоит, аха ҳтәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы, Красноиаруж иқәынхо ауааԥсыра ралгара ҳалагоит”, – ааицҳаит агубернатор авидеоааԥхьараҿы.