Бақәа, аҩнымаҭәа афабриакаҿ иҟалаз аҧжәараан хҩык ҭахеит,  24ҩык аахақәа роуит
Бақәа, аҩнымаҭәа афабриакаҿ иҟалаз аҧжәараан хҩык ҭахеит,  24ҩык аахақәа роуит

Бақәа, аҩнымаҭәа афабриакаҿ иҟалаз аҧжәараан хҩык ҭахеит,  24ҩык аахақәа роуит. Ари атәы аарыцҳаит аҭыҧантәи АИХқәа.

Аҧжәара амшала иҟалаз абылра дырцәахьеит, уажәы уаҟа алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Аҧжәара зыхҟьаз аилкаара иаҿуп. Аҭыҧаҿ аус руеит азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа.