Баҭым жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу аҵаатә ахани аӡсаратә бассеини дыргылоит
Баҭым жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу аҵаатә ахани аӡсаратә бассеини дыргылоит

Баҭым жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу аҵаатә ахани аӡсаратә бассеини дыргылоит. Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе хара имгакәа иалагараны иҟоу абри апроект иазку аинформациа дазыӡырҩит.

Иарку аспорттә комплекс – Аҵаатә аренеи аӡсаратә бассеини рыргыларазы атендер рылаҳәоуп, иашьашәалоу аусурақәа мҩаҧысуеит.

Аҵаатә аренеи аӡбаратә 2 бассеинки жәларбжьаратәи аолимпиатә стандартқәа ирышьашәаланы еиҿыркаауеит. 2025 шықәсазы Аҵаатә ашҭаҿ аӡынтәи аҿартә олимпиада мҩаҧгахоит.

Аҵаатә ахан иацлоит асахьаркыратә гимнастика азалгьы; убри адагьы, абассеин хада аура ацырҵоит, 33 метр рцынхәрас 50 метр иҟалоит.

Абри апроект ду ахыркәшара ашьҭахь, Баҭым, ҳаамҭазтәи астандарҭ ҿыцқәа ирышьашәалоу, 1500-ҩык  ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу Аҵаатә ахани 800-ҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу аӡсабартә бассеини аиуеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура.