Баҭым, Михаил Саакашвили ахәшәтәразы аҳәаанырцәҟьа ииагара аҳәарала акциа мҩаҧысуеит
Баҭым, Аҷара аиҳабыра рыҩны аҧхьа, Михаил Саакашвили ахәшәтәразы аҳәаанырцәҟьа ииагара аҳәарала акциа мҩаҧысуеит. Уаанӡа, акциа алахәылацәа Баҭымтәи ауниверситет аҧхьа еизеит. Дара ишырҳәаз ала, абри аҭыҧаҿоуп 18 шықәса раҧхьа Аслан Абашиӡе иҿагыланы акциақәа ахьымҩаҧысуаз. Амитинг аҿы иҟоуп «Амилаҭтә ҵысра» аҭыҧантәи алидерцәеи, Қарҭынтә апартиа алидерцәеи, Саакашвили иуацәеи идгылаҩцәеи.
«Михаил Саакашвили ари аҭыҧ игәы аздуун. Абраҟа ижәбо аотельқәеи аинфраструктуреи иара иоуп изыбзоуроу. Сара сшәықәгәыҕуеит. Аҭаацәара рыхьӡала аҭакҧхықәра схы иадҵаны, ари аҵысра сахагылоит, ҳара Миша деиқәҳархоит», — иҳәеит Михаил Саакашвили иашьа Гьаргь акциаҿы данықәгылоз.