Азинда имҩаҧгаз археологиатә ажрақәа раан аарҧшын Давиҭ Аҕмашенебели ихаантәи аҭоурыхтә манета, уи акультуратә ҭынха абаҟақәа ирыҵанакәеит

Азинда имҩаҧысуа археологиатә усурақәа ирызку аусҧшаар аҳәаақәа ирҭагӡаны, Антикоррупциатә агентра аусзуҩцәа аҭоурыхтә артефакт  — аҳ Давиҭ Аҕмашенебели ихаантәи амонета алырхит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, амонета ахаҭара ашьақәыргылара амзызла аекспертиза мҩаҧган, уи рхы аладырхәит Леван Самхараули ихьӡ зху Аекспертиза амилаҭтә биуро аспециалистцәеи Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи аҵарауааи.

Аекспертиза алҵшәақәа инрықәыршәаны, абҩатә монета Давид Аҕмашенебели ихаан иҟаҵоуп, уи акультуратә ҭынха абаҟақәа ирыҵанакәеит. Амонета хәы амам.  Иахьа уажәраанӡа адунеи аҭоурых аҿы идырын Қырҭтәыла аҳ  Давиҭ Аҕмашенебели изаҷыз ауникалтә монета заҵәы, уи Британиатәи амузеи аҿы ишьҭоуп. Амонета аҭоурыхтә аҵакы ду амоуп, убри аҟынтә, аусҧшаара шымҩаҧысуагьы, амонета Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи аҿы ишьҭарҵоит, аҭааҩцәа зегьы Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны иаарҧшыз,   XII ашәышықәса иаҵанакәа ақырҭуа артефакт рбар рылшарц азыҳәан.

Иара убас, аусҧшаара аан  аҭоурыхтә ҵакы змоу егьырҭ артефактқәагьы аарҧшын, урҭ иреиуп   12  амацәазқәеи, араӡнытә кулони, аҳәынҵәрақәа фбеи, 6 монетаки. Зыӡбахәы ҳәоу амонетақәа фба рҟынтә х-монетак  XIII ашәышықәса иаҵанакәеит. Арҭ  амонетақәа араҧ бызшәала адҩылақәа рымоуп. Зыӡбахәы ҳәоу артефактқәагьы Амилаҭтә музеи иарҭоит.