„Ажәлар рымч“ алахәылацәа идырмазеиз „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект цәырыргоит уаҵәтәи абиуро аилатәараҿы
„Ажәлар рымч“ алахәылацәа идырмазеиз „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект цәырыргоит уаҵәтәи абиуро аилатәараҿы. Апартиа алахәылацәа ишырҳәаз ала, азакәанпроект дырмазеит аартызаара аиқәыршәара амзызла. Азакәанпроект инақәыршәаны, атәым анырра агентцәас ашәҟәы иҭагалазароуп ахашәала хәҭак (20% еиҳаны) аҳәаанырцәынтә изауа икоммерциам аиуристтә хаҿқәеи амедиахархәагақәеи.
Азакәанпроект аҿы ишазгәаҭоу ала, атәым анырра агентс иҧхьаӡахо асубиектқәа зегьы аҳәынҭқарратә реестр аҿы абри аҩызаҵәҟьа ахьӡ змоу абазаҿ арегистрациа иахысроуп.
Иара убас, аиҿкарақәа зегьы есышықәса афинанстә декларациа хадырҭәаароуп.
Убри адагьы, азакәанпроект инақәыршәаны, Аиустициа аминистрра атәым анырра агент иаарҧшразы аҭҵаарақәа рымҩаҧгара азин амазаауеит.
Азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп ахараҧсагьы. Лымкаала, атәым анырра агент иаҳасабала арегистрациа ма есышықәса адекларациа ахарҭәаара мап ацәызкуа асубиектқәа 25 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит.