Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррала, ажьырныҳәа 3-5 рзы Қырҭтәыла (бжеиҳарала мраҭашәаратә ахәҭаҿы) ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы асоуреи, асыҭәҳәеи, анаҟәеи, аҵааршәыреи иазыҧшуп, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асыҧса ашәарҭара ҟалоит.
Иара убас, аҳауагәаҭаҩцәа рҳәамҭала, амшынаҿ 3-4 абалл ашторм ҟалоит.
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентраҿ ишырҳәаз ала, амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьақәдыргылар ауеит.