Азербаиџьан Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Михаил Делиагин изы жәларбжьаратәи аҧшаара аарыцҳаит
Азербаиџьан Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Михаил Делиагин изы жәларбжьаратәи аҧшаара аарыцҳаит. Ари аинформациа аланарҵәеит азербаиџьантәи агентра Trend.
Агентра адыррала, «Апрокуратура хада АИХ аҿы Делиагин иқәгылара афакт азы аусеилыргара мҩаҧнагеит, ари ақәгылара ҩ-тәылак рпартниортә еизыҟазаашьақәа ирышьашәалам».
Азербаиџьан апрокуратура аҳәамҭа ишану ала, сынтәа хәажәкыра 22 рзы, Делиагин, ателеканал «Россиа 1» аефир аҿы дықәгыланы, «аргама ааҧхьара ҟаиҵеит Азербаиџьан аенергетикатә инфраструктуреи анефҭтә ааглыхреи анырҵәара амзызла Азербаиџьан иаҿагыланы агрессиатә еибашьра алагареи, атактикатә аиадертә бџьар ахархәареи азы. Иара асоциалтә медиаҿы ари атемазы амассатә ҭҵаарақәа мҩаҧигеит».
«Аҳәынҭқарратә Дума адепутат ихымҩаҧгашьаҿы ацәгьаура адыргақәа иҟоуп. Иара агрессиатә аибашьареи, атерроризми, аиадертә бџьар хархәареи азы ааҧхьара ҟаиҵеит. Иазхашаз ашаҳаҭгақәа рыҧшаара анеҩс, Делиагин ихара шьақәырҕәҕәаны аҭакра иқәырҵеит. Иара изы Интерпол ала жәларбжьаратәи аҧшаара аарыцҳаит..», — иануп Азербаиџьан апрокуратура аҳәамҭаҿы.