Азербаиџьан ишырҳәаз ала, ашәамахьаа Нахичеван ахырхарҭала атәыла арбџьармчқәа иреихсуан, Ереван ари аинформациа мап ацәыркит
 Азербаиџьан ишырҳәаз ала, ашәамахьаа Нахичеван ахырхарҭала атәыла арбџьармчқәа иреихсуан, Ереван ари аинформациа мап ацәыркит

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, ашәамахьаа Азербаиџьан арбџьармчқәа иреихсуан Нахичеван ахырхарҭала.

Аминистрра адыррала, рашәара 12 асааҭ  10:05 инаркны 17:50-нӡа Нахичевантәи автономтә республика 3 раионк  иреихсуан.

Шәамахьтәыла Азербаиџьан ахырхарҭала ахысра алагала афакт мап ацәыркуеит. Атәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, Бақәа иҟарҵаз аҳәамҭа ииашам.