Азербаиџьан Ацентртә алхратә комиссиа  - Ильҳам Алиев ипартиа 125 ҭыԥ рыла ишьақәгылоу Меџьлис аҿы 68 ҭыԥ аиуеит
Азербаиџьан Ацентртә алхратә комиссиа - Ильҳам Алиев ипартиа 125 ҭыԥ рыла ишьақәгылоу Меџьлис аҿы 68 ҭыԥ аиуеит

Азербаиџьан Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Мазахир Панахов абрифинг аҿы ишаицҳаз ала, Ильҳам Алиев ипартиа “Азербиџьан ҿыц” 125 ҭыԥ рыла ишьақәгылоу Меџьлис аҿы 68 ҭыԥ аиуеит.

Уажәтәи апарламент аҿы анапхгаратә партиа 69 мандат амоуп

Азербаиџьан абжьыҭира апроцесс иацы, асааҭ 19:00 рзы хыркәшан.

Азербаиџьан Ацентртә алхратә комиссиа аинформациала, алхыҩцәа рактивра 37ю27% иаҟаран.

Ҟарабах ахынҳәра ашьҭахь Азербаиџьан алхрақәа раԥҳьаӡа мҩаԥган.

Азербаиџьан апарламент хәышықәсатәи аҿҳәарала алырхуеит.