Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Азербаиџьан Қырҭтәылаҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа  ирласны аделимитациа иақәшаҳаҭуп
Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Азербаиџьан Қырҭтәылаҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа ирласны аделимитациа иақәшаҳаҭуп

Азербаиџьан Қырҭтәылаҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа ирласны аделимитациа иақәшаҳаҭуп. Азербаиџьантәи агентра  „Она“  ишану ала, ари атәы ааицҳаит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура анапхгаҩы Леила Абдулаева.

„Хара имгакәа ари апроцесс ихыркәшазауеит әҳа ҳгәыҕуеит. Азербаиџьан уи азы ихиоуп. Азербаиџьани қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаа азҵаара иӡбахоит жәларбжьаратә аҧышәа ашьаҭа ала, иара убас,  ҩганклатәи аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны.  Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәарақәа мҩаҧысуеит. Инеизакны, аҳәынҭқарратә аҳәаа  480 километр рҟынтәи  314 километр рзы еиқәшаҳаҭҳахьеит. Аҳәаа  166 километр аекспертцәа аҭҵаара иаҿуп“, – илҳәеит Абдулаева.