Азербаиџьан, Ҭоуз араион аҿы адгьылҵысра ҟалеит. Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥантәи аих атәыла асеисмологиатә маҵзура аҟынтә ироуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
Адгьылҵысра аҭыԥантәи аамҭала ашьыжь, асааҭ 02:38 рзы ҟалеит, уи 3.4 амагнитуда амч аман. Адгьылҵысра аепицентр Ҟазартәи ааҭгыларантә аҩада-мрагылара 35 км иацәыхараны, адгьы 11 км аҵаулараҿ иҟан.