Азербаиџьани Шәамахьтәылеи дара-дара амца аартра рхарарҵеит. Бақәа ишаарыцҳаз ала, жьҭаара 8 рзы шәамахьтәылатәи арбџьармчқәа Варденисстәии Горисстәи анхарҭатә пунктқәа рҟынтә ахысра иалагеит. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, ашәамахьаа еиуеиҧшым бџьарла, Кельбаџьартәи араионаҿ игылоу азербаиџьантәи арратә хәҭақәа иреихсуан. Дара ишаарыцҳаз ала, жьҭаара 9 шьыжыьымҭан ашәамахь аруаа Лачинтәи араион ахырхарҭала ахысра иалагеит.
Ереван ишырҳәаз ала, жьҭаара 8 ахәылҧаз азербаиџьантәи аруаа ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаа аладатәи ахәҭаҿы игылоу ашәамахь аруаа иреихсуан. Ашәамахь аган рҳәамҭала, дара иаҭакны ахысра иалагеит.
Бақәеи Еревани иҭахаз ма ахәрақәа зауз ирызкны аинформациа аладырҵәом.