Аза Чилачава мышктәи административтә баандаҩтәра лықәырҵеит
Аза Чилачава мышктәи административтә баандаҩтәра лықәырҵеит

Асабрада аныҟәгареи Русҭавели амҩаду аркреи зхарарҵаз Аза Чилачава мышктәи административтә баандаҩтәра лықәырҵеит. Ари аӡбара идикылеит аӡбаҩ Ҭорнике Қочқиани.

Аӡбаратә процессаҿ Аза Чилачава ишылҳәаз ала, лара амҩа аркра далахәын, уи даҽазныкгьы иҟалҵоит.

„Азыӡба анысхызгалак, Русҭавели имҩаду ашҟа снеиуеит. Саангылараны сыҟам. Ааи, амҩа аркра салахәын. Урыстәыла Аҧсны агеноцид ҳзеиҿнакааит, саангылараны сыҟам, сара Урыстәыла сҭахым. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ирҳәаз ииашоуп, сара амҩа сыркит, уи даҽазныкгьы иҟасҵоит“, – илҳеит Аза Чилачава аӡбаратә процессаҿ.