Абҵара 26 рзы Ницца имҩаҧысуа ахәыҷтәы “Евровидение-2023” рхы аладырхәоит 16 ҳәынҭқаррақәа. Раҧхьаӡа акәны сынтәа ари аконкурс аҽаланархәоит Естониа.
Ахәыҷтәы фестиваль рхы аладырхәоит абарҭ аҳәынҭқаррақәа: Қырҭтәыла, Аҩадатәи Македониа, Естониа, Украина, Албаниа, Шәамахьтәыла, Франциа, Германтәыла, Ирландиа, Италиа, Мальта, Нидерланды, Британиа Ду.
«Евровидение 2023» аслогануп — «Афырхацәа». Аконкурс мҩаҧысуеит азал Palais Nikaïa аҿы.
Сынтәа аконкурс аҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит Қырҭтәыла Актәи аканал апроект «Ранина» аиааирагаҩы Анастасиа Васаӡе.
21-тәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс «Евровидение» мҩаҧысуеит абҵара 26 рзы, афранцыз ақалақь Ницца. Қырҭтәыла ари аконкурс аҿы хынтә аиааира агахьеит.