Ахимиаз Нобель иаԥхьахә занашьо рыхьӡ рҳәеит
Ахимиаз Нобель иаԥхьахә занашьо рыхьӡ рҳәеит

2018 шықәсазы химиаз Нобель иаԥхьахә роуит: Френсис Арнольд, Джордж Смит, Грегори Винтер ахимиатә молекула аеволиуциа иазырхоу русумҭақәа рзы ҳәа аанацҳауеит швециатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа.

Френсис Арнольд — америкатәи аҵарауаҩ, анџьныр иоуп, Грегори Винтер — британиатәи абиохимик, Кембриджтәи ауниверситет апрофессор. Джордж Смит  — америкатәи ахимик, Миссури ауниверситет апрофессор. 2018 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крона (940 000 доллар).

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.