Ахатәы арратә еилахәыра "Вагнер" арратә рықәгылараз аганахь ала ашьауӷатә ус аанкылоуп
Урыстәыла, ахатәы арратә еилахәыра “Вагнер” арратә рықәгылараз аганахь ала ашьауӷатә ус аанкылоуп.
Урыстәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, ари аанацҳаит Урыстәыла ашәарҭадаратә федералтә маҵзура апрессмаҵӡура.
Аама ишану ала, бьаршьыхлат агылара аус ааара аан ишеилкаахаз, рашәара 24 ауха, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) “Вагнер” ацгьоурақәа рыҟаҵара иаҟәыҵит. Ари иазыԥхьагәаҭаны, ахатәы арратә еилахәыра “Вагнер” арратә рықәгылараз аганахь ала ашьауӷатә ус аанкылоуп.
Рашәара 24 ауха, Ахатәы арратә еилахәыра “Вагнер” ирымпыҵархалеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны иҟоу Аладатәи аррратә штаб. Ари ҟалеит, урыстәылатәи аруаа “Вагнер” ар ахьгылоу аҭыԥқәа рыҟны атылтә аракета-бомбатә ааха рырҭеит ҳәа Пригожин иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьҭахь. Владимир Путин “вагнераа” рхымҩаԥгашьа чарҳәроуп ҳәа ахиҳәааит, Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз, иганахь ала ашьауӷатә ус хацыркуп. Адырҩаҽны Белоруссиа ахада ипресс-маҵзура иаанацҳаит, Александр Лукашенко Евгени Пригожини иареи аицәажәара шымҩаԥигаз, уи иалҵшәаны Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) анапхгаҩы дшақәшаҳаҭхаз “Вагнер” аибашьцәа ԥхьаҟа рцара шаанкылахо азы.