Ахәаахәҭратә центрқәа раартра апроцесс крызҵазкәа аилагарақәа рыда имҩаҧысит
Иахьа астстистика злаҟоу ала, ахәаахәҭратә центрқәа раартра апроцесс крызҵазкәа аилагарақәа рыда имҩаҧысит, — илҳәеит Қырҭтәыла аекономика аминистр Наҭиа Турнава.
Лара лҳәамҭала , арегулиациақәа рырҧшқара анеҩс , хазхаҭалатәи асектор аҭакҧхықәра ду аанарҧшит.
«Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит , ҷыдала аҧсшьарамшқәа раан аҧҟарақәа зегьы нарыгӡаларц. Адәқьанқәагьы ахархәаҩцәагьы ари апроцесс иахылаҧшроуп , ҳаргьы ахылаҧшра ҳарҕәҕәоит.
Инеизакны иуҳәозар , аҭагызаашьа инормалуп. Ҳара уи ҳаигәырҕьоит. Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәақәагьы абри аҩыза аҭакҧхықәрала имҩаҧаагап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала , ҧхынҷкәын 24 инаркны икылкаау аҧкрақәа рыхәҭак аҧырхуп , лымкаала , ахәаахәҭратә центрқәеи адәқьанқәеи аусура еиҭалагеит.